

Аҳәса жәларбжьаратәи рымш Март ааба аламҭалаз Аҧсны атәылахьчара аминистрраҿы зыҧсҭазаара арратә маҵзура иадҳәалоу аҳәса аныҳәа рыдырныҳәалеит. Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо аинрал-полковник Владимир Ануа арратә маҵзура иазааҧсо аҳәса ақәҿиарақәа рзеиҕьаишьеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз аиааира ҧшьынҩажәи шықәса ахыҵра ҳтәылаҿы азгәаҭара аламҭалаз Аҟәа ақалақь апаркқәа руак аҿы еиҭаҳан ҧшьынҩеижәа ҵла. Уи мҩаҧган жәларбжьаратәи акциа «Агәаларшәагатә баҳча» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Акциа мҩаҧысуеит ҩнызқьи ҩеижәа шықәса раахыс. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа хадас иамоуп урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Аиааира аволонтиорцәа». Аҵлақәа реиҭаҳаразы ааҧхьара рыман Аҧсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Аҟәа ақалақь ахада инапныҵақәа назыгӡо Беслан Ешба, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа, аҭыҧантәи авалонтиорцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.