

Иааигәахоит ааҧынтәи аныҳәа жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Март ааба. Ашәҭқәа ахьырҭиуа адәқьанқәа рҿы аҽырхиара иалагахьеит. Иарбан шәҭу шәыззыҧшу аҭыҧҳацәа? Ахацәа уи аҟны ацхыраара шәҭахызар шәахәаҧш шәҭыла иҩычо анҵамҭа. Уи хымҧада зегь шәанаҳәоит.
Аҳәса жәларбжьаратәи рымш аламҭалаз ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны аҳәса реидгыла» раҧхьатәи акультуратә усмҩаҧгатә еиҿнакааит. Уи Аҧсны аҵара аминистрраеи аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә хеилаки адгылара арҭеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аҿы игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аҧсны ақыҭақәа рҿы игылоу агәаларшәатә баҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Урыстәыла афедерациа ахада Владимир Путин игрант афонд аҟынтәи аҧара азоужьхоит. Уи азы ақыҭақәа рхадацәа иахәҭоу ашәҟәқәа еиқәдыршәар акәын. Убас 69 қыҭа рҟынә Урыстәылаҟа аразаҳалқәа шьҭын. Урҭ рахь 25 қыҭа асиа иалалеит, егьырҭ иаанхазгьы рышәҟәқәа рыхәаҧшра иаҿуп. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.