

Аҧсны иқәынхо аҳәса ишәызкәуп анаҩстәи ажәабжь. Иара аҳәса жәларбжьаратәи рымш ныҳәа иадҳәалоуп. Хәажәкыра быжьба, асааҭ жәибжь рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашьҭаҿы иқәгылоит Аҧсныи Урыстәылеи еицырдыруа рашәаҳәаҩцәа. Иарбан шәаҳәаратә гәыҧқәоу иқәгылараны иҟоу лдыруеит Наала Чхьынџьериаҧҳа.
Ари аҩыза алкаа ҟанаҵеит Аҧсны аҧсабарахьчаратә прокуратура имҩаҧнагаз агәаҭарақәа раан . Иарбан зинеилагарақәоу иаарҧшыз шәзеиҭалҳәоит ареидқәа ирылахәыз Амра Зарандиаҧҳа.
Хәажәкырамза ҧшьба ҳҳәынҭқара азы акыр зҵазкуа ҭоурыхтә рыцхәуп. Абри амш аҽны ҩ-нызқьи жәаба шықәсазы иҧсҭазаара далҵит Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. Хәажәкырамза ҧшьба рзы диит Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь. Арҭ арыцхәқәа инарымадан, Аҧсны имҩаҧысит аусмҩаҧгатәқәа. Аҧсны Ахадарахьы иалху Бадра Гәынба ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵеит Алада Ешыра, Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ибаҟаҿы. Анаҩсан даҭааит Џьгьарда ақыҭан Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу. Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи дыргәаладыршәеит атәыла ахада ихаҭыҧуаҩыс иалху Беслан Бигәаа, аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа , ауаажәларра рхаҭарнакцәа.