

Марттәи ажәылара иалахәыз хҩык аишьцәа- Едуард Касланӡиа,Руслан Лагәлаа,Борис Инаҧшьба рмемориалтә ҕәқәа аадыртит Гәымсҭа ацҳаҿы. Аибашьцәа рфырхаҵаратә мҩа ргәаладыршәеит ирыцеибашьуаз рҩызцәа. Аусмҩаҧгатә далахәын Фатима Гьергьиаҧҳа.
Аҵыхәтәантәи ҩажәи жәаҩа шықәса имшира инарҭбааны иазгәаимҭацызт. Ахӡыргареи амали дрышьҭамызт. Аха ицын ахәаҧшцәа ргәы аҧхарра. Хәажәкырамза жәаф рзы иҧсы ҭазҭгьы, хынҩажәи хәба шықәса ихыҵуан аҧсуа журналист Даур Инаҧшьба. Уажәааигәа иҳаҧхаз ҳколлега игәалашәара иазкыз аусмҩаҧагатә мҩаҧысит даниз амш аламҭалаз. Аусмҩаҧгатә еиҿнакааит Аҧсны ажурналистцәа реидгыла.
Анаплакыҩцәа рыцхрааразы ҳазҭоу ашықәс азы аҳәынҭқарра ҩышә миллион мааҭ азоунажьит.Атәыла ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма шәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ.Анхаразы аҳәынҭқарратә программа аҿҳәара даҽа хышықәса ҳәа иацҵоуп. Зцәа зтәымкәа ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу хәшәылеи медицинатә маҭәахәылеи реиқәыршәаразы апрограмма шьақәырҕәҕәоуп. Абарҭ азҵаарақәа назлоу ҩынҩажәи хәба зҵаара ирыхәаҧшит Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ихантәаҩрала имҩаҧысыз аиҳабыра реилатәараҿы. Иарбан хырхарҭақәоу ихаданы иалыркааз, насгьы аҳәынҭқарра абиуџьет шеихшахаз шәзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа.