АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 14 Хәажәкыр 2025

Aхәаша, 14 Хәажәкыр 2025 10:05

Амшеикәшара 13.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 14 Хәажәкыр 2025 10:03

Аҭаацәа,шәгәышәҽаныз!

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аинтернеттә ҳақәа рҿы ицәырҵуа иалагеит ахәыҷқәа рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭазыргыло ацәгьоуцәа иаҧшьырго еиуиҧшым аусқәа. Иаҳҳәозар, аиҳабыратә классқәа рҿы итәо аҵаҩцәа аинтернетә ҳақәа рҿы рхатәы даҟьа рымазар, уи ацәгьа зыршо иаархәар рылшоит, иара убри алагьы ахәыҷ ихьӡ ала еиуеиҧшым анҵамҭақәа ҟарҵо иалагоит - аҧара иҭахызшәа, дыззыҧшӡамыз ус бааҧсык, мамзаргьы машәырк дақәшәазшәа. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳтәылаҿы иҟамларц азы Аҧсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иануи, ашколхәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи рыбжьара аицәажәарақәа мҩаҧыргоит. Урҭ рҵакы Фатима Гергьиаҧҳа иҳаиллыркаауеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Адепутатцәа ахәаҧшразы ирыдгалан жәа-зҵаарак. Урҭ рахьтә иҟалеит амш аусхәаҧштә аҟынтәи иқәгатәхазгьы. Адепутатцәа зегь реиҳа игәцаракны изхәаҧшыз зҵаароуп ҳазну ашықәсазтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет. Уи рыдыркылеит аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы. Иааизакны ҩ-нызқьи ҩажәи хәба шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет жәаа миллиарди аашәы миллион мааҭи артәоит. Ахарџьқәа рымҽхак азгәаҭоуп жәаа миллиарди быыжьшә миллиони рҟынӡа, абиуџьеҭ азымхара жәшәи ҧшьынҩажәи жәиҧшь миллион мааҭ ыҟоуп.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31