АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024

Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024 22:59

Аспорт адунеи 11.10.2024

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи
Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024 21:11

Амчыбжь 13.10.2024

00:13 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа

01:24 Амчыбжь шышақәгылаз. Ахҭыс хадақәа рыхҳәаа ааркьаҿны.

06:52 Агәамбзиарзгьы аха лымам. Акәасқьа ақыҭа инхо Гәында Гамгьиа-Агрба хә-ҩык лмаҭацәа лхала илааӡоит. Дара рбареи аусуреи лзеилагӡома, изеиҧшроузеи аҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа, ацхыраареи адгылареи рызҭода? Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

15:04 Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ҳреспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара алыршаразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект. Адокумент изныкымкәа иалацәажәахьеит Жәлар реизараҿы, макьанагьы аус адулара иаҿуп. Адепутат Беслан Ҳалуашь иазгәеиҭеит Аҧсны абизнес маҷ ҧырхага азымҭо амеханизмқәа алагалара ргәы ишҭо. Уи атәы аиҿцәажәараҿы.

28:06 Иҧсы ҭаздгьы апоет, апублицист, аиҭагаҩ, ажурналист Александр Бардодым ихыҵуан жьҭаарамза жәаха рзы ҩынҩажәи жәаа шықәса.

 
Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024 21:08

Сабшала 12.10.2024

01:18 Игәазырҳагоу Очамчыра. Ақалақь аиҭаира

12:26 Аӡы амамзаара. Гәыҧ ақыҭа ауааҧсыра рыгәҭыха.

20:04 Акультура ахәышҭаара аиқәырхара зыҧсҭазаара азызкыз. Сира Михаил-иҧҳа Аҩӡҧҳа лиубилеи азгәалҭеит.

26:30 Аҟәа. Аҳабла Ҿыц ахаҿра аҧсахара.

 
Икьыԥхьуп Сабшала
Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024 21:00

Амшеикәшара 11.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа». Абас ахьӡуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи иҭанажьыз ашәҟәы. Уи аӡыргара мҩаҧысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы. Аизга еиднакылоит аибашьра аан ҳажәлар ирхыргаз еиҭазҳәо аҧсуа поетцәа раҧҵамҭақәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцхә аҳаҭыр азы аминистрра анапхгареи, аруааи, аветеранцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз Аҟәатәи рбаҟеи, Аҧсны актәи Ахада Владислав Арӡынба Ешыратәи имемориалтә комплекси рымҵан. Анаҩс имҩаҧысит агәырҕьаратә еилатәара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сааҭбжак амҩа уахьықәхоз хә-минуҭк рыла уанысуа иҟалеит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Бармышь ақыҭа Мазихәа аҳаблаҿы иқәҵоуп ақаҭран ҿыц. Иҟаҵоу амҩа рус арманшәалоит ирласны ицо егьырҭ ақыҭақәа руааҧсырагьы. Ажәабжь иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31