Аҩбатәи амш азы уи алахәылацәа Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкессиеи, Адыгатәылеи, Аҧсныи рҟынтәи ажурналистцәа, апоетцәа, алитераторцәа Баграт Шьынқәба иҩны амузеи иаҭааит.
Аҧсны арбџьармчқәа рымш аламҭалаз Аҟәа ақалақь «Аҵарадырра анапхгара» ашколхәыҷқәа Баҕмаран артилерриа-арратә хәҭа ддырбеит. Рҭоурых иазхьаҧшит, арра иаҵанакуагьы рзеиҭарҳәеит.Ашколхәыҷқәа раамҭа шырхыргаз ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.
Дзеиҧшразар акәу раҧхьаҟатәи арҵаҩы? Аҵара апроцесс акыр алагалатәума? Абарҭқәа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу Амуниципалтә усбарҭа «Аҵарадырра анапхгара» иаҵанакуа аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа рконференциаҿы. Иара мҩаҧысит Аҟәа арҵаҩцәа рыҩнаҿы. Ажәабжь налыгӡоит Алика Ҭраҧшьҧҳа.
Уи азы араеспубликатә биуџьет аҟынтә иазоужьын жәа-миллионк мааҭ аҧара. Ари аҳабла иахьҟәаҧа-ҿаҧаро иахҟьаны, араҟа иқәырҵо абитонтә мҩа ауп. Иахьазы аусурақәа рыхәҭак хыркәшоуп.