АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024

Aмҽыша, 13 Жьҭаара 2024 21:00

Амшеикәшара 11.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа». Абас ахьӡуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи иҭанажьыз ашәҟәы. Уи аӡыргара мҩаҧысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы. Аизга еиднакылоит аибашьра аан ҳажәлар ирхыргаз еиҭазҳәо аҧсуа поетцәа раҧҵамҭақәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцхә аҳаҭыр азы аминистрра анапхгареи, аруааи, аветеранцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз Аҟәатәи рбаҟеи, Аҧсны актәи Ахада Владислав Арӡынба Ешыратәи имемориалтә комплекси рымҵан. Анаҩс имҩаҧысит агәырҕьаратә еилатәара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сааҭбжак амҩа уахьықәхоз хә-минуҭк рыла уанысуа иҟалеит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Бармышь ақыҭа Мазихәа аҳаблаҿы иқәҵоуп ақаҭран ҿыц. Иҟаҵоу амҩа рус арманшәалоит ирласны ицо егьырҭ ақыҭақәа руааҧсырагьы. Ажәабжь иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31