АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 24 Жьҭаара 2025

Aсабша, 25 Жьҭаара 2025 00:54

Амшеикәшара 24.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 25 Жьҭаара 2025 00:49

Жәларбжьаратәи ажәабжьқәа

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дырмит Гәлиа имемориалтә ҩны музеи аҟны имҩаҧысит апоет,аиҭагаҩ,аҭоурыхҭҵааҩ, Урыстәылеи Аҧсни ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Денис Кьыршьал-иҧа Чачхалиа ирҿиаратә хәылҧазы. Уахь ааҧхьара рыман апоет ицәаҳәақәа ирызхьаҧшуа иколлегацәа, иҩызцәа.Арҿиаратә хәылҧазы еиҿкаан апоет ари ашықәсазы 75 ш. ихыҵра инадҳәаланы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

"Сааҧсеит ижәар иалаӡам, убри аан атәара захьӡу издырӡом",- абас изырҳәоитАҧсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба акыршықәса инеиҧынкыланы аус ицзухьо иҩызцәа. Жьҭаара 24 рзы ихыҵит 75 шықәса. Инаигӡахьоу арольқәа рхыҧхьаӡара рацәоуп, ақәыргыламҭақәа:"Махаз", "Аҧсҳа Леон", "Иули Цезар"уҳәа. Арольқәа наигӡахьеит асахьаркыратә фильмқәа рҿы.  Аҧсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иахьа уажәраанӡагьы Аҧсуа театр амаҵ азиуеит, инаигӡоит ақәыргыламҭақәа рҟны арольқәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҭагалан аҩбатәи амза анҵәамҭахь инеиуеит, ус анакәха,ааҽаҩра аингалара иаамҭоуп. Мышқәак рыла ацитрус шәырхкқәа рҭагалара иалагоит, анхацәа шықәсык иззыҧшыз аҽаҩра ахашәала рнаҭарц азы аҧынгылақәа рмоуроуп."Уи азы ацхыраара ҟаҳҵароуп,"- иҳәеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба ,ааигәа аминистрцәа алархәны имҩаҧигаз аилатәараҟны. Иахьазы,аҳәаа иахгоуп аашә тонна инареиҳаны ацитрус шәырхкқәа, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны, сынтәа уи еиҳауп рҳәоит аспециалистцәа. Иааидкылан, сынтәа ҳреспубликаҿы еиныргалараны иҟоуп 35 тонна инарзынаҧшуа ацитрус. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31