Аҧсны аҵара аминистрра, акласс иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәнаршәоит. Иҳәатәуп, ас еиҧш иҟоу акласс Аҧсны раҧхьаӡа акәны ишеиҿкаау. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иныҳәаз ажәҩан, ухьӡ зху! Иныҳәаз адгьыл, уа узну! Раҧхьатәи аҧсуа поетесса Нелли Ҭарҧҳа лцәаҳәақәа реиҳарак лыҧсадгьыл иазылкуан. Аҧсны жәлар рпоет, апрозаик, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩ, аиҭагаҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Нелли Ҭарҧҳа, абҵара ҩажәа рзы илхыҵраны дыҟан ҧшьынҩажәи жәаба шықәса. Апоетесса лгәалашәара аҳаҭыразы анҵамҭа шәыдаагалоит.
Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза ашьҭҧраарҭа -атәарҭатә цәаҳәа аусура иазыхиоуп. Уажәазы ицоит аусурақәа аҳаирбаҕәаза акомплексқәа реиҭашьақәырыгаларазы. Урҭ хыркәшахоит ҳазҭалоу ашықәс агәаны.
«Аҧсны Ахада иалхра аҿҳәара шьақәдыргылароуп Аҧсны Жәлар реизара асессиа аилатәараҿы. Иара мҩаҧгатәуп иаарласны, азакәан инақәыршәаны, ҳаргьы аиҿкааратә усқәа ҳрыхьӡартә еиҧш» - иҳәеит Аҧсны алхратә комиссиа ахада ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.