Леуарса Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит 1937-1940тәи ашыкәсқәа рзы ирӡыз ақыҭа аҵеицәа ргәалашәара иазку аиҧылара. Уи еиҿылкааит ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа.
Тҟәарчал араион Тҟәарчал ақыҭа арыцҳара ҟалеит. Амца ацраланы иблит ҩ-еихгагылак иҟаз Кәарҷиаа рыҩны. Аамҭа кьаҿк ала амцарцәаҩцәа шаазгьы аҩны иалаблит аҭаацәара ду ирымаз-ирыхӡыз зегьы.
Анаҩстәи ҳанаҵамҭа изкуп аибашьара аветеран Агәымшәаразы амедал занашьаз Рудик Ҧиҧиа. Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьа ианалага, хьаҳәа-ҧаҳәа ҟамҵакәа Тҟәарчал ақалақь аҿы еиҿкааз агәыҧ «Ласточка» аҿы иабџьар шьҭыхны деибашьуан, уи ицеибашьуаз ирҳәоит, иқәра шыҟазгьы ахы дшазцоз, аҧсуаа аиааира шыргоз азы гәыҩбара шимамыз. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ашықәсан ҳҳәынҭқарраҿ иазгәарҭо аныҳәатә рыцхәқәа ҳахьрылахәу ҳара ҳзы игәадуроуп. Иахьа Аҧсуа телехәаҧшра 46 шықәса ахыҵит. 1978 шықәса, абҵара 6 рзы раҧхьаӡа акәны аефирахь иҭыҵит Аҧсуа телехәаҧшра. Ари ахҭыс абзоурахеит ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара. Ари аамҭа иалагӡаны аефир акырӡа аҽарҭбааит, иубаратәы апрограммақәа рхыҧхьаӡара иацлеит, рҵакы ҵаулахеит, техникала аҽарҕәҕәеит. Ателехәаҧшра аусзуҩцәа ҳзанааҭ амш ныҳәа ҳадиныҳәаларазы хаҭала даҳҭааит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Иазгәаиҭеит амилаҭтә телехәаҧшра ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчараҿы иааннакыло аҭыҧ. Ҷыдала инаҵшьны дазааҭгылеит иахьа аус зуа инарываргыланы аҧсуа телехәаҧшра ахыҵхырҭаҿ игылаз рааҧсара. Аҧсны Ахада аколлектив агәра диргеит ҳаҧхьаҟагьы излауа ала аҧсуа телерадиоеилахәыра ацхыраара шаҭахо. Убас, ашықәыс ҿыц инаркны аҧсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа руалафахәы иацҵахоит. Атема иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.