АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 21 Жьҭаара 2024

Aшәахьа, 21 Жьҭаара 2024 23:12

Амшеикәшара 21.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Москватәи ахәыҷтәы ансамбль «Амцабзи» еицырдыруа Урыстәылатәи арежиссиор, акиноактиор, асценарист Никита Михалкови сценак аҿы. Хышықәса ҵуеит Михалков «Жәаҩа» захьӡу ифильм иалхны атеатрқәа рҿы аспектакль ықәиргылоижьҭеи.Иҳәатәуп ақәҿиарагьы шамоу . Ақәыргыламҭаҿы акәашаратә номер назыгӡо ансамбль «Амцабз» хореографс дамоуп актиор, акәашаҩ Лаша Марыхәба. Аспектакль ҩажәа қалақь рҿы иқәдыргылахьеит . Ҳгәыҕуеит, мышкызны Аҧсныҟа иаап ҳәа .Иҳаҩсыз амчыбжь азы Шәачатәи ахәаҧшцәа хырхит. Аспектакль ахьымҩаҧысуаз Аӡынтәи атеатр аҟынтәи анҵамҭа азлырхиеит Сариа Кәарцхьиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәынҭқарратә программа «Анхара» аҳәаақәа ирҭагӡаны ахшара рацәа змоу Антонианаа рҭаацәара нхарҭатә ҭыҧла еиқәыршәоуп. Дара аҳәынҭқарра аҟынтә ирзоужьын миллион мааҭ аҧара. Уи ахархәарала Ешыра ақыҭан иаархәеит иахьынхаша ауада. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ихыҵит Гарикәара. Архивтә шәҟәқәа уаҟа иҵәахымызт аҟынтә, аҧхасҭа рмоуит . Аха ахыбра акәша-мыкәша агәам ықәнажьит. Архив аусбарҭа ари аҩыза арыцҳара иақәшәахьан жәохә шықәса раҧхьа. Шьыжьнаҵы агәам ақәгара иалагеит. Ацхыраара рырҭеит аҳҭнықалақь акоммуналтә усбарҭеи, хаҭала «Аҟәаргылара» аусзуцәеи. Шәахәаҧш Наала Чхьынџьериаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 21 Жьҭаара 2024 23:01

Хара ҳхаан. Раиа Бигәаа - Шьаданиа

Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31