АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 02 Жьҭаара 2024

Aхаша, 02 Жьҭаара 2024 23:01

Амшеикәшара 02.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Рок-н-ролл асқам аҿы»- абас ахьӡуп аҧсуа драматә театр 94-тәи асезон злаанартыз иҿыцу ақәыргыламҭа. Ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡараҿы дыҟан Шьазина Ханагуаҧҳагьы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа даҭааит Гал араион, аҳәынқарратә совхоз «Магәиџра» аҟны амца иҧхасҭанатәыз ацитрустә плантациақәа. Иааидкыланы ҩажәи жәаба геқтар амандарина блит. Шәахәаҧш Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи иалахәуп Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкессиеи, Адыгатәылеи, Аҧсныи рҟынтәи ажурналистцәа, апоетцәа, алитераторцәа. Алитературатә фестиваль мҩаҧган Аҧсны акультура аминистрра ацхыраарала. Аҧсны афырхаҵа, аинрал-леитенант иҧшәмаҧҳәыс Лиубов Сосналиевеи, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Зарина Кануковеи иҟарҵаз аҧшьгарала. Афестиваль аадыртит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит шьҭрала иаҧсуоу, аха аҭоурых аӡыбларақәа ирыхҟьаны зыҧсадгьыл ааныжьра зықәшәаз, иахьа Урыстәыла иатәылауаҩу ҳџьынџьуаҩ Меҳти Киут. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Меҳти Киут Аҧсны дшатәылауаҩу зыршаҳаҭуа ашәҟәы инапаҿы ииркит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31