

Уи инамаданы еиҿкаан аусмҩаҧгатәқәа жәпакы. Урҭ ирылахәын Аҧсны Ахада Бадра Гәынба,ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа,апыза-министр Владимир Делба, араион анапхгара, адепутатцәа, ауаажәларра. Тҟәарчал асоциал-економикатә ҿиаразы хә-миллион мааҭ азоужьхоит Бадра Гәынба идҵала. Ақалақь-фырхаҵа амшныҳәа иазкыз аусмҩаҧгатәқәа ирылахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.
Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аплан инақәыршәаны, арезерв ҧшыхәратә гәыҧқәа руак ашьха ҭыҧ аҟны иҷыдоу аҽазыҟаҵара мҩаҧыргеит. Аруаа аус рыдырулон арелиеф ҷыда аҟны аибашьра амҩаҧгареи ахеиқәырхареи ирызку аметодқәа.
Ҳтәылаҿы имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсныи Урыстәылеи афымцанхамҩа аҿиара аусхк аганахьала аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари ашәҟәы ҳтәыла аенергетика аҭагылазаашьа аиӷьтәразы иаанартуа амҩақәа ртәы анҵамҭаҿы.
Уаҟа иаартын Дырмит Гәлиаихьӡзху амемориалтә ӷәы. Абаҟақәа рҿы апоетцәа Дырмит Гәлиа ихцәажәеит, ашколхәыҷқәа иажәеинраалақәа ирыҧхьеит.
Аҧснытәиаҳәынҭқарратә унивирситет афакультетқәа зегьырыҟны имҩаҧысит астудентцәеи, аспирантцәеи,аҵарауаа қәыҧшцәеи рыҭҵаара-практикатә конференциа. Афилологиеи ажурналистикеи афакультет аҟны жәа-ҩык ажәахәқәа ҟарҵеит еиуеиҧшым атемақәа рыла.