АЖӘАБЖЬҚӘА

* Мшаҧы 2026

Акультуратәхәылҧазы мҩаҧысит Очамчыра, Радион Ҵәыџьб аихьӡ зху Акультуратә  Хан аҟны. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр аҧсуа классикатә шәақәеи жәлар рмелодиақәеи нанагӡеит. Ари Аҧсны акультура аплан инақәыршәаны, раҧхьатәи имҩаҧнаго агострольтә концертуп. Уи далахәын Ирена Багаҭелиаҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 16 Мшаҧы 2026 10:50

Алитература абжьы гозароуп

"Еиҵагыло аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рхыҧхьаӡара рацәамзаргьы, абаҩхатәра рымоуп". Абас  рҳәоит алитераторцәа. Иарбан усқәоу имҩаҧнаго Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҿарацәа рбаҩхатәра рыламҵааразы?Аҧсуа литература аҿиарамҩа ҭылҵаауан Наала Чхьынџьериаҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцхә инамаданы, апрокуратура аусзуҩцәа рзанааҭтә мшныҳәа иазкны агәырӷьаратә еилатәара мҩаҧган. Аҧсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иколлегацәа ирыдиныҳәалеит ари амш. Зусураҿызҽалызкааз гәыҧҩык апрокуратура аусзуҩцәа чынла ишьҭыхын.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 15 Мшаҧы 2026 10:46

Амшеикәшара 14.04.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Антропологиеи аетнографиеи рмузеи ашҟа инаҧхьан аҧсуа абаза жәлар рҭоурых аҭҵаара, рбызшәа, рқьабз аиқәырхара иазҿлымҳау ауаа. Асеминар еиҿкаан амузеи анапхгареи аҧсуа-абаза жәлар рконгресси  рконгресси рыбзоурала.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Атуристиаҳа изыманшәало аанҿасырҭаҿ дҭыҵлоит. Ари аангыларҭа аҿынӡа аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы ицоз аусурақәа хыркәшоуп. Уи алыршахеит Аҧсни Урыстәылеи реихамҩақәа рнапхгара реицәажәара иабзоураны . Ахарџь ҟаҵоуп Аҧснытәи аихамҩа абиуџьет аҟынтәи. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аусбарҭа еиҿкаан 32 шықәса раҧхьа. Иахьазы аусбарҭа амаҵ азыруеит 200-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа,урҭ рахьтә 53-ҩык Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иаветеранцәоуп. 9-ҩыкаҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30