

2500 электронных приборов установлено на данный момент в Новом районе столицы - работы по установке счетчиков продолжаются. Сейчас счетчики устанавливают в многоквартирных домах в районе Турбазы. Ход работ проинспектировал министр энергетики Батал Мушба. Репортаж Шазины Ханагуа.
Аҟәа ақалақь аҩнеихагылақәа рҿы афымцатәҧхьаӡагақәа рықәыргылара аус еиҧҟьарада имҩаҧысуеит.Ари аус хацыркын Аҳабла Ҿыц аҟны. Уажәы уаҟа аусрақәа рхыркәшарахь инеиуеит. Аҧхьаӡагақәа рықәыргылара иацҵоуп Турбаза иахьаҵанакуа. Зынӡа иааизакны, ашықәс нҵәаанӡа Аҧсны иахьаҵанакуа 60 нызқь ҧхьаӡагақәа рҟынӡа ықәыргылатәуп.
Аинвестициақәа радыҧхьаларазы аҳәынҭиқарра иааннакыло ароль, атуристцәа рхыҧхьаӡара ацҵаразы атранспорттә инфраструктура аҿиара, ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара уҳәа, ирацәоуп аекономикатә форум иамҽханакуа ахырхарҭақәа. Ҳарзыҧшуп хыҧхьаӡара рацәала асасцәа. Мшаҧымза ҩба инаркны ҧшьбанӡа имҩаҧысраны иҟоу аинвестициатә форум аҽазыҟаҵара шцо иазкуп Фатима Гьергьиаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.