

Акультуратәхәылҧазы мҩаҧысит Очамчыра, Радион Ҵәыџьб аихьӡ зху Акультуратә Хан аҟны. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр аҧсуа классикатә шәақәеи жәлар рмелодиақәеи нанагӡеит. Ари Аҧсны акультура аплан инақәыршәаны, раҧхьатәи имҩаҧнаго агострольтә концертуп. Уи далахәын Ирена Багаҭелиаҧҳа.
"Еиҵагыло аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рхыҧхьаӡара рацәамзаргьы, абаҩхатәра рымоуп". Абас рҳәоит алитераторцәа. Иарбан усқәоу имҩаҧнаго Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҿарацәа рбаҩхатәра рыламҵааразы?Аҧсуа литература аҿиарамҩа ҭылҵаауан Наала Чхьынџьериаҧҳа.
Ари арыцхә инамаданы, апрокуратура аусзуҩцәа рзанааҭтә мшныҳәа иазкны агәырӷьаратә еилатәара мҩаҧган. Аҧсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иколлегацәа ирыдиныҳәалеит ари амш. Зусураҿызҽалызкааз гәыҧҩык апрокуратура аусзуҩцәа чынла ишьҭыхын.