

Аҧсуа новеллист иҩымҭақәа иахьа еиҳагьы аҵакы рымоуп. Ари арыцхә аҳаҭыр азы Аҧсны ашколқәа рыбжьара еиҿкаан иаҧҵамҭақәа исахьаркны раҧхьара.
Абас ахьӡуп Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аҟны иӡыргаз аҭыжьымҭа . Амилаҭ рмузыка аҭоурых , ашьақәгылашьа, уи аиқәырхаразы Оҭар Хәынҵариа илшамҭа уҳәа аҧхьаҩ ианаҳәо рацәоуп ари ашәҟәы.
Уи ахықәкы - Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рыхьӡ анаунагӡатәра, зеибашьратә мҩа еиҭаҳәам афырхацәа раарҧшра ауп. Ари аус аиҿкаара алыршахеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аицлабра "Аҧсны арҿиаҩцәа" абзоурала.
Ари аамҭа иалагӡаны, аҭыҧантәи ателехәаҧшра ашьапы иқәгылеит. Уи еиднакылеит аҧышәа змоу аусзуҩцәа, аусура арҭбааит, ажәабжьқәа рнаҩсгьы адырраҭарақәа ахәаҧшцәа ирыднагалоит. Аколлектив знысыз арҿиаратә мҩа, ҧхьаҟатәи рыгәҭакқәа ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿ.