

Уи еиҿнакааит Ауаажәларратә палата Аграждантә форум аламҭалазы. Еизаз иазгәарҭеит, адемографиа аиҵахара шаныҧшуа. Уи зыхҟьо ахәыҷқәа риира ахьылаҟәыз, ажәра аҟынӡа имнеикәа ауааҧсыра рыҧсҭазаара иалҵуа иахьалагаз, аҭаацәара алалара аҿҳәара алалара ахьахдырҧо уҳәа, абарҭ зегьы азгәаҭан аилатәараҿы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара агхарахь атенденциақәа азгәаҭоуп. Ари апроблема ӡбашьас иамоу азы агәаанагарақәа ҳәан.
Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа хҧа ирыхәаҧшны ирыдыркылеит. Убас, Гьерман Каҷараа изинмчрақәа адепутатцәа иааныркылеит Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа рынагӡарахь дахьиасыз азы. Аҟәатәи уаанӡатәи асанаториақәа МВО-и ПВО-и уажәшьҭарнахыс официалла Урыстәылатәи арратә база ахьгылоу аҭыҧқәа рсиа иалгроуп, уи азы адепутатцәа азакуан аиҭакрақәа алагалан актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.