

Урҭ ирыцлеитдаҽа ҭыҧкгьы. Ақыҭа аҧсы ҭазҵо апроектқәа ируакуп Мгәыӡырхәааҭыҧантәи анхацәа рџьабаала иргылоу аҧсшьарҭатә ҩнқәа.
Азона иаҵәаҿы изызҳауа аҵиаақәа реиқәырхара, абаҳча аиҭашьақәыргылара, аӡы ҭырбаны аҧсшьарҭатә парк аиҿкааранап аркуп Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аицлабра "Аҧсны арҿиаҩцәа" изиааиз агранти,Гәылрыҧшьараион ахадареирыбзоурала.
Аҧсны иҩеижьӡа амҩадуқәа дырҧшӡоит. Ус анакәхаанхацәа рзышәарыцоитеиҳа ибыбшыу ,еиҳа иҩеижьу аҵла хкы. Ақыҭауаа ирзыфеидоу аус ҩнапыкалааҿыхра иалагахьеит. Мартааба иадырҳәало ашәҭ хкы ианахәҭоу амш аҽны аҳәса рнапаҿы иҟаларц азы анхацәаамш ирымнахаанӡа адәы иқәуп. Ҳҭыхратә гәыҧ аҭааит Ҧшьаҧ ақыҭа.
Аҧсны аҳәынҭқарра иаланагало ашәахтәқәа ахылаҧшра ахылаҧшра рыҭаразы Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра онлаин кассақәа раларҵәаразы апрограмма аусадулара иалагеит. Жәабранмза 9 рзы, ҳминистрреи Урыстәылаафедералтә шәахтә маҵзуреи рыбжьара атехникатә цхыраара аҭаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит. Уи аҳәынҭқарра аекономика аҿиара излацхраауа феидас иалоу атәы анаҩстәи ҳанҵамҭаҿ.