

Агәыкра зцу аныҳәа. Аҟәа иазгәаҭан «Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш». Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа зехьынџьара ахәыҷқәа рыбжьы ықәыҩуан. Ахәмаррақәа хкы-хкыла. Зегьы ргәы иақәшәоз алырхыртә алшара рыман. Ахаара зҵаз аныҳәа ҧшӡа аҿынтә ҳкорреспондентцәа ранҵамҭа.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә аусхкрацәатә коллеџь аҟны сынтәа ахәыҟаҵаҩ изанааҭ ала рҵара хдыркәшеит ҧшьынҩежәи жә-ҩык аушьҭымҭацәа. Аушьҭымҭацәа ҩышықәса ирылагӡаны идырҳаз адырра ахәшьара азҭоз рыбжьара дыҟан Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынба.
Иҟаҵоуп раҧхьатәи ашьаҿа. Иахьа Аҟәа, Аҧсни Урыстәылеи рырҿиаратә коллективқәа еиҧылеит. «Ҩ-тәылак рырҿиаратә коллективқәа рымчқәа еидаҳҵоит аиҩызаратәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа ҧхьаҟа рырҕәҕәаразы», - абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсуа театр аҿы имҩаҧысыз аиҧылараҿы Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Паршин. Иарбан хырхарҭақәоу аусеицура иаҵанакуа ҳзеиҭалҳәоит ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа.
Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы ишәыдаагалоит:
Жәларжьаратәи ахәыҷқәа рымш ныҳәа.Еиҿкааз арлахҿыхратә усмҩаҧгатәқәа ишәыдаагало анҵамҭаҿы;
Кавказтәи аинвестициатә форум алкаақәа ртәы Атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ иҿцәажәараҿы;
Аинклиузивтә форум «Аҧсны аритм» аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи шәыдаагалоит ҳдырраҭараҿы даҽаџьара ииашәымган.
00:55Амҩаҧгаҩ Амра Зарандиаҧҳа
00:55 Имҩаҧысуеит ҩ-қалақьк Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара жәларбжьаратәи аинклиузивтә форум.
00:55 Аҧсадгьыл ахьчара иазыхиоуп. Арҧарцәа ҭоуба руит
00:55 Зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз Ҭемыр Лагәлаа иан Заира Џьопуаҧҳа-Лагәлаа хынҩажәи жәаба шықәса лхыҵит .
00:55 МВО иҭаку амшә Урыстәылаҟа ашьҭра ргәы иҭоуп
00:55 Иҿыцым апроблемақәа бла ҿыцла. Аҟәа ақалақь Ахада Ҭемыр Агрба адырраҭара «Аҧсуаа рымҩа» далахәын .