АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 27 Рашәара 2025

Aхәаша, 27 Рашәара 2025 06:22

Амшеикәшара 26.06.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шә-ҩык инареиҳаны аҧсуа школқәа раушьҭымҭацәа Урыстәылазегьтәи ашколтә хәылҧазы аҽалархәразы Аҟәантәи Сириусҟа амҩа иқәлеит. «Ҳхәыҷқәа аҭакҧхықәра ду рыдуп – ҳҳәынҭқарра ахаҿра аадырҧшуеит. Иҿырҧшыгоу аушьҭымҭацәеи Аҧсны атәылауааи зеиҧшроу ддырбароуп иахьнеиуа»- ҳәа азгәалҭеит азеиҧш бжьаратә ҵара усбарҭа аиҳабы Маиа Цибулевскаиа. Аҧсуа школқәа ари аҩыза аусмҩаҧгатә раҧхьаӡа акәны иалахәуп. Аушьҭымҭацәа Аҟәантәи ишынаскьаргоз ҳзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы сынтәа рҵара хдыркәшоит раҧхьаҟа аҟазара зыҧсҭазаара адызҳәаларц зҭаху ҩажәи хә-ҩык аушьҭымҭацәа. Акомиссиа алахәылацәа рҿаҧхьа ирыхьчеит аграфика адизаини, аскульптуреи, аҿыханҵеи ажанрқәа рыла русумҭақәа. Аҧышәаратә комиссиа иалахәын аҵараиурҭа арҵаҩцәа реиҧш, Аҧсны акультура аминистрра ахаҭарнакцәагьы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа зегьы ирыхәыҧшит. Убас, ҧхынгәы акы инаракны Урыстәылатәи атәанчахәы змауа жә-категориак ирыҵыркуа Аҧснытәи атәанчаҩцәа ртәанчахәы зықь-мааҭ иацҵахоит. Уи аминистрцәа зегьы еицҿакны адгылара арҭеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30