

Ихыркәшоуп азанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧысуаз акурсқәа актәи ахәҭа. Сынтәа иара азырхан асахьаҭыхратә ҟазара. Арҵаҩи аҵаҩи русеицура, ахәыҷы амаҭәари атемеи ргәыбылра иркра уҳәа атемақәа рыла арҵаҩцәа иддырбази ирзаҧхьази рацәан. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Аҧсны аҵара аминистрреи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟоу аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рцентри еиқәышаҳаҭны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Амилаҭтә галереиа абылра ашьҭахь ацифровизациа зызуз Александр Шервашиӡе –Чачба иусумҭақәа знылаз ашәҟәы ҭыҵит. Уи аӡыргара мҩаҧысит Аҟәа амилаҭтә библиотекаҿы. Аҭыжьымҭа автор Аза Аргәынҧҳа асахьаҭыхҩы иҧсҭазаара аҟынтәи х-периодк - Аҟәатәи , Петерубргтәи, Парижтәи аамҭа аалырҧшит . Альбом ҭыжьуп Аквафон ацхыраарала. Ашәҟәы аӡыргара далахәын Амра Зарандиаҧҳа .