
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАҟәа ақалақь ахадара иҟанаҵаз адҵа инақәыршәаны, аҧшаҳәа аҟынтә иқәгоуп ахәыҷтәы електро машьынақәеи, амаланыҟәақәеи. Азҵаара ашьҭыхра мзызс иамоуп, аҧшаҳәаҿы заыҧсы зшьо ауаа ирауыз агәынамӡарақәа ирыхҟьаны.
Қәҿиарала ақыҭанхамҩа иазааҧсо ҳтәылауаа ирызкуп анаҩстәи ажәабжь. Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Гәылрыҧшь араион ақыҭақәа дырҭааит. Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, инагӡаз апроектқәа русушьа гәеиҭеит.