

Шәара ижәдыруама дазусҭоу аполковник Ҳаџьараҭ Бушба? Ианиааз аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Робин Гуд дидыркылон . Аҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Асовет Еидгыла арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура дахысуан –Берлин атанктә гәыҧ командаҟаҵаҩыс даман . Ихаҭара ҳаракын . «Аполковник Ҳаџьараҭ Бушба» абас ахьӡуп Рауф Џьыкрба авторс дызмоу иажәеинраалоу автобиографиатә роман . Қәҿиарала зус назыгӡо анаплакҩы ,Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зџьабаа рацәоу автор Рауф Џьыкрба иахьа шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала ихы цәыригеит . Имҩаҧысыз ашәҟәы аӡыргара далахәун Амра Зарандиаҧҳа .
Адгьыл шәымазар, аидеиақәа рыла шәҭәызар- шәара ишәзыҧшуп ақыҭанхамҩа аминистрраҿы. Уаҟа ақыҭанхамҩа аҿиаразы акыр шықәса лҵшәа бзиала аус ауеит апрограмма. Арҭ амшқәа рзы иоурыжьхьо апроектқәа русушьа зеиҧшроу гәарҭон. Хаҭала агәаҭарақәа ирхыжьын еиҳарак ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәсазы ирыдыркылахьаз апроектқәа. Ақыҭанхамҩа аминистрреи Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәшеи рхаҭарнакцәа ирҭааит Лабра, Лашькындар, Мықә, Ҷлоу, Мухур ақыҭақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.