АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 24 Мшаҧы 2025

Aҧшьаша, 24 Мшаҧы 2025 05:56

Амшеикәшара 23.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Аҧсы ҭоуп сара схәышҭаара». Абас захьӡу Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа ирылху алитература- театралтә композициа дырбан Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынқарратә филармониа асценаҿы. Асценарии еиқәнаршәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз инапынҵа инақәыршәаны, ус еиҧш ахьыӡқәа рыхҵан Шәача иҭаҩу ҩажәи жәохә-ҩык аветеранцәа. Аҧсуа ветеран Алықьса Лашәриа урҭ дырхыҧхьаӡалахеит. Убасгьы итәанчахәы анаҩсан есымза жә-нызқь мааҭ аҧара изацлалоит. Ажәабжь иацырҵоит икорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҧсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаҧысуеит аҵарауаҩ аҭоурыхҭҵааҩ , аетнограф Царбеи Бжьаниа шәышықәса ихыҵра иазку аихшьаалатә ҭҵаарадырратә сессиа. Аҵарауаа шықәсык иалагӡаны еиуеиҧшым ахырхаҭақәа рыла имҩаҧыргаз аусурақәа ртәы иазааҭгылеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 24 Мшаҧы 2025 05:40

Насыҧ шкәакәа. Тома Аҩӡҧҳа

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30