АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 09 Мшаҧы 2025

Aҧшьаша, 10 Мшаҧы 2025 02:50

Амшеикәшара 09.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуа ихантәаҩрала еиҿкаан. Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьу шәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ рыҽҭагӡаны апроектқәа ралхреи аусутә гәыҧқәа раҧҵареи ирзааҭгылеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи аҿы Аҧсны Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, Беслан Фиодр-иҧа иҧышәа, идырра ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи ишрызкхо. Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа еиҳәеит ахада иусбарҭа ҧасатәи аиҳабы Абессалом Кәарҷиа ламысцқьала иусуразы. Агәрагара ааирҧшит иара иҧышәеи идырреи ҳаҧхьаҟа иахәҭоу ахархәара шроуа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара зыдҵоу Ҭемыр Агрбеи аколлективи реиҧылара.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 09 Мшаҧы 2025 06:30

Амшеикәшара 08.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Рахьаӡа акәны, Аҟәа аҩнқәа аабеи, школки, хәыҷбаҳчаки рҭыӡқәа еиуеиҧшым асахьақәа рыла ирҧшӡахоит. Уи ҳаамҭазтәи аҟазара аҿиара иадгыло «Новые Формы» захьӡу афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаауп. Иара ҳаҳҭнықалақь аҿы аиҿкаара алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа рфонд иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа идикылеит адыррақәа рцентр «Машук» аҟынтәи ихынҳәыз ҧшьҩык арҵаҩцәа. Дара уахь рцара алыршан Аҧсныи Урыстәылеи рҵара аминистрцәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30