АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 01 Мшаҧы 2025

Aҩаша, 01 Мшаҧы 2025 21:58

Амшеикәшара 01.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ахәылҧаз мҩаҧгахоит Аҟәа, мшаҧымза хҧа рзы. Нинель Бжьаниаҧҳаи Гулиза Аҩӡҧҳаи ирхәмаруа ашәақәа знык иадамхаргьы, шәлымҳа иҭасхьеит. Арепертуар аҿыцрақәа алагалоуп. Амелодиақәа рыбжьы хаа иаҳагьы аинтерс аҵаларц азы ирыцықәгылоит аҳәынҭқарратә камертә оркестр. Ихадоу арепетициа иалахәын ҳҭыхратә гәыҧ, дара еилыркаауан ахәаҧшҩы идгалахо апрограмма зеиҧшроу.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара иаарласны Урыстәылатәи ахәышәтәырҭаҿы аҧҟарА дахысраны дыҟоуп. Уи азы иаҭахуп 3млн. 320 нызқь мааҭ аҧара. Акультуратә гәыҳаларатә фонд «Ашана» ҳтәыла ауааҧсыра ирыланаҳәоит аҧара аизгара ишалаго.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ишдыру еиҧш, мшаҧымза ҩба рзы Аҟәа аиҳабыра рхыбраҿы иазгәаҭоуп Аҧсны ахадас иалху Бадра Гәынба имаҵурахьы инеира иазку агәырҕьаратә усмҩаҧгатә. Аахыҵ-Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев Аҧсны даҭааит атәыла ахадас иалху Бадра Гәынба иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаҧгатә иҽалаирхәразы.Гаглоев аҧсуа-аурыс ҳәааҿы иҧылеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба, аиустициа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Анри Барцыц, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30