

Иҵит хынҩажәи хәба шықәса Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аамҭақәак рзы напхгаҩыс иамаз, Аҧсны жәлар рартист Нурби Виктор-иҧа Џьынџьал диижьҭеи. Иара игәаларшәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧган акультура Афон-Ҿыцтәи аҩны аҟны. Еизаз аҟаза ду гәыблыла дыргәаладыршәеит.
Ҿыц иалху анапхгаҩцәеи аколлективи реибадырра мҩаҧысит егьырҭ Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿгьы. Аҧсны Аҧыза- министр Владимир Делба Аҧыза-министр ихаҭыҧуаа ҿыцқәа Џьансыхә Нанбеи, Роберт Кьиути, Ҭарашь Ҳагбеи, Вараздат Миносиани рҿаҧхьа ахыдҵақәа ықәиргылеит.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа жәпакы рҿы аиҧыларақәа мҩаҧысит. Урҭ Аҧсны Ахада иусҧҟала ишьақәырҕәҕәоу аминистрцәеи аколлективқәеи реиҧылара иазкын. Бадра Гәынба ҧасатәи анапхгаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧыргаз русуразы, ҿыц иалху- ахыдҵа ҿыцқәа рзықәиргылеит.