

Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы ажәабжь бзиа. Ашколхәыҷқәа ҳаамҭа иақәшәо аинтерактивтә ҕәқәа ҳамҭас ирыҭоуп. Ари аҩыза алшара ҟалеит Урыстәылеи Аҧсныи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Шьҭарнахыс аурокқәа иаҳагьы аинтерес рыҵаланы имҩаҧыслоит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Амилаҭтә кьыҧхь ашьақәгылараҿы илагала рацәоуп, аҧсуа литература абду Дырмит Гәлиа. Иаарласны иҭыҵран иҟоуп ажурнал сынтәазы раҧхьатәи аномер. Уажәы ари аномер аиқәыршәара иаҿуп. «Алашара» агәеисырҭа иаҭааит ҳҭыхратә гәыҧ.
Ари арыцхә аҳаҭыр азы Аҟәа агәаны игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан. «Абри соуп сара» - абас ахьӡуп арыцхә инамаданы иӡыргоу арккаҩы изку ашәҟәы-альбом. Агәалашәаратә хәылҧазы мҩаҧысит илитература-мемориалтә ҩны-музеи аҿы. Аусмҩаҧгатә иалахәын арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, аҿар. Иара убас ишәгәалаҳаршәоит иахьа аҧсуа бызшәа амш шазгәарҭо. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ҧшь-сааҭк инарзынаҧшуа имҩаҧысуан урҭ реицәажәара. Аҵыхәтәаны иазааибагеит алхрақәа ламысцқьала рымҩаҧгаразы, уи аан адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара. Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи абарҭ аҧҟарақәа рықәныҟәаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.