АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 14 Жәабран 2025

Aхәаша, 14 Жәабран 2025 22:23

Амшеикәшара 14.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсныи Урыстәылеи рҵарадыррақәа рминистрра ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәан Аҧсны иааны иҟоуп Москвантәи аспециалистцәа. Дара аҭыҧантәи арҵаҩцәа алархәны асеминарқәа мҩаҧыргоит. Ари аус хықәкыс иамоуп зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа аҵарадырра рызнагашьа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит даҽа еиҧыларакгьы. Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит ҳтәыла Ахада иалхрақәа наҧшҩык иаҳасабала зхы алазырхуа Аахыҵ- Уаҧстәылантәи иааз аделегациа. Шәахәаҧш анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аус аулоит хы-мш рыҩныҵҟа . Аартра иалахәын Аҧсны иаҭааны иҟоу жәларбжьаратәи анаҧшыҩцәа . Апресс-центр ааиртит алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан . Алхратә процесс амҩаҧысшьа , аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа , иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа уҳәа ирылацәажәеит . Шәахәаҧш анаҩстәи анҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 14 Жәабран 2025 21:51

Амшеикәшара 13.02.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы агастрольқәа рыманы иқәгылеит Пиатницки ихьӡ зху аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рхор. Ари аусмҩаҧгатә алыршахеит аҩ-тәылак ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Ахор мҩаҧылгоит Урыстәыла акультура аминистрр Ольга Лиубимова. Ахор ақәгылара адагьы уи аамҭазы атеатр аҩныҵҟа аҩ-тәылак ркультура аминистрцәа еиҧылеит. Арҭ ахҭысқәа ирылахәыз ҳкорреспондентцәа ранҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҿынтә Аҧсны иаиуит ацхыраара лас амашьынақәа жәабеи, ареанимобильқәа акыи. Урҭ Аҧсны ахәышәтәырҭақәа ирзеихыршеит. Ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа ари ахҭыс далахәын.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳҭнықалақь аҩныҵҟа алхратә процесс иахьынӡазыхиоу еилылкаауан ҳкорреспондент Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28