АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 18 Жәабран 2025

Aҩаша, 18 Жәабран 2025 21:46

Амшеикәшара 18.02.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҵару ареспиратортә вирустә инфекциақәа ахьрылаҵәаз иахҟьаны Бзыҧтәи ашколқәа ҩбеи Гагра араион ашколқәа рҿы ҩажәи ҩба класси акарантин рылаҳәоуп. Ашколқәа адыркит жәабран мза жәибжь инаркны ҩажәи акынӡа. Аҭагылазаашьа ҭылҵаауан Сариа Кәарцхьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны афымцалашара ыцәеит. Егрытәи аӡфымцеихшарҭеи Аҟәатәи афымцеихшарҭеи еицырхырааны ҳтәыла ахәҭак алашара аиуртә иҟарҵеит Ҧсоу ацәаҳәа еиҭашьақәдыргылаанӡа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәлар реизара адепутатцәа ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь ааҧхьара ҟарҵеит иалырхуа Ахада ҿыц имаҵура инапы аиркаанӡа ирабанзаалак акадртә ӡбамҭак идимкыларц, абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭра дықәныҟәаларц. Убасгьы Анапхгараҭаратә мчқәа рзы алхрақәа рыҿҳәара инахеит. Абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит Аҧсны жәлар Реизара изаамҭанытәым аилатәара аҿы. Инеиҵыхны ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 18 Жәабран 2025 18:49

Амшеикәшара 17.02.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсныи Урыстәылеи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаҧнагоит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааратә амилаҭтә медицинатә центр. Аҵаҩцәа ргәабзиара аҭҵаара хацыркын Аҟәатәи ажәабатәи ашкол ала.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сынтәа иара абыжьбатәиуп қәҿиарала ҳтәылаҿы аус ауеижьҭеи. Ахимиа, абиологиа, агеографиа, -абарҭ амаҭәарқәа рхырхарҭақәа рыла рдыррақәа еиздырҳауеит аҧсуа рҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Уи азы иааҧхьоуп Урыстәылантәи рколлегацәа. Асеминарқәа мҩаҧысуеит актәи абжьаратә школ аҿы ҳаамҭа иақәшәо амедициантә класс аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аполитикатә аҭагылазаашьа иалацәажәеит, иара убасгьы иазааҭгылеит аерманцәа реилазаара ахантәаҩы иҟаиҵаз ааҧхьара.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28