Нанҳәамза 7-8 рзы аспектакль ҿыц «Антигона» апремиера ҟалоит. Уажәазы ицоит аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа. Ажәабжь иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа.
Зегьы ҳаидгылар ауп! Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» жәеиза шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡҧҳа лзы аҧара аизгара хацнаркит. Аӡҕаб иҵару алимфобласттә ашьашкәакәара адиагноз лзықәгылоуп. Лара уажәы Израиль дыҟоуп, зыхә ҳараку ахәышәтәра дахысыр ауп. Уи азы ҩажәи хәба миллиони аашә нызқь мааҭ аҧара еизгатәуп.
Апартиа Аҧснытәи аобласттә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧснытәи АССР иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ахантәаҩы, Аҧснытәи АССР иреиҳаӡоу асовет абыжьбатәи, аабатәи, ажәбатәи ааҧхьарақәа рдепутат Валериан Осман-иҧа Кобахьиа диижьҭеи 95 шықәса ҵит сынтәа. Иара аҧсуа жәлар ҧхьаҟатәи рҧеиҧш дазхәыцуан. Валериан Осман-иҧа инысымҩа иазкны ашәҟәы ҭлыжьит апрофессор, ажурналит Екатериана Бебиаҧҳа. Уи аӡыргара мҩаҧысит Аҟәа.