АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 12 Ԥхынгәы 2024

Aхәаша, 12 Ԥхынгәы 2024 06:44

Амшеикәшара 11.07.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҩымчыбжь инарзынаҧшуа имҩаҧысуаз алагер аҟны рыҧсы ршьеит ҩышә-ҩык рҟынӡа Аҧсны араионқәа зегь рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Ажәабжь иациҵоит ҳкорреспондент Алиас Корсаиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҭынха дызмам аҩнатә ҧстәқәа лассы-лассы ҳаззыгьежьуа темоуп. Ари азҵаара аӡбара азы ашьаҿақәа шыҟарҵогьы, апроблема шыҟац иаанхоит. Аҳҭнықалақь ауааҧсыреи асасцәеи иҟьаланы амҩа иану еиҳаракгьы алақәа ашәара рызцәырыргоит. Амра Зарандиаҧҳа абри атема ҭылҵаауан.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәаҩа зҵаара ирылацәажәаны ақәҵарақәа рыдыркылеит. Урҭ рҵакы Лаура Қаҧшьҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уаанӡа араҟа игылаз амашьына асны иҧнаҽхьан. Аусурақәа рынагӡаразы араионтә биуџьет аҟнытә иоужьын быжь-миллион мааҭ аҧара инацны. Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион даҭааит аҧшьашаҽны. Амшцәгьа аҧхасҭа ахьыҟанаҵаз ақыҭақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа еиликаауан. Аслан Бжьаниа ицын Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31