АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 10 Ԥхынгәы 2024

Aхаша, 10 Ԥхынгәы 2024 09:09

Амшеикәшара 09.07.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 10 Ԥхынгәы 2024 09:03

Очамчыратәи аџьармыкьа

Ауҭраҭых, ашәыр, акәац, ашәҵатәы уҳәа ирҭиуа рацәоуп Очамчыратәи аџьырмыкьаҿы. Иҟоума аахәаҩцәа,изеиҧшроузеи ахәқәа , абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак еиликаарц дҵаа-ҧшаауа аџьармыкьа далан Алиас Корсаиа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи еиҿыркааит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститути, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет амедицина акафедреи. Акциа ахықәкы- Лаура Қаҧшьҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 10 Ԥхынгәы 2024 08:58

Аҧсышәала шәцәажәала!

Гәылрыҧшь араион ахәыҷбаҳчақәа хҧеи, Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳча «Нарҭи» рыҟны жәабранмза инаркны иалагалоуп апрограмма ҿыц. Уи Аҧсны аҵара аминистрреи апедагогикатә институти аус еицадырулеит. Апрограмма ҷыдала хылаҧшра азиуеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Изеиҧшроузеи апрограмма алҵшәақәа, еиҳа имариахама ашколқәранӡатәи аусҳәрҭақәа рааӡамҭацәа рзы аҧсуа бызшәа агәынкылара? Абарҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара лҽазылшәеит ҳкорреспондент Амра Зарандиаҧҳа. Шәахәаҧш анҵамҭа ҷыда.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи алыршахеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Гал араион иарҭаз афинанстә цхыраарала. Араион иазоужьын жәаха миллион мааҭ инареиҳаны аргыларақәа рҿы рхархәаразы. Иахьа араҟа аусурақәа еилашуеит. Еиҭашьақәыргылоуп аӡеизгараҭақәа ҧшьба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Анхацәа ари ахҭыс иазыҧшижьҭеи ҩажәи жәаба шықәса ҵуан. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҳабла даҭааны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Акаҭран ықәзҵоу рџьабаа ахә бзианы ишьеит. Иазгәеиҭеит, амҩа ахаҭабзиара акыр шаҵанакуа анхацәа рзы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31