АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aмҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024

Aмҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 14:06

Амшеикәшара 19.07.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сынтәа шәышықәса ҵуеит еицырдыруа аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы Марина Ешԥҳа диижьҭеи Уи аҳаҭыразы Аҧсны абанк амузеи аҟны имҩаҧысит лусумҭақәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иазгәаҭатәуп, сынтәа иҭало рхыҧхьаӡара ҵыҧх аасҭа ишеиҳау. Есышықәса еиҧш сынтәагьы, ауниверситет иҭало иалырхуа азанааҭқәа рыбжьара иҟоуп еиҳа аҧыжәара зырҭо, аха иҟоуп афакультетқәа арзаҳалқәа маҷны иахьаларҵаз.Ишҧамҩаҧысуеи аҧышәарақәа?Изеиҧшроузеи абитурентцәа ргәалаҟазаара?Алика Ҭраҧшьҧҳа ланҵамҭаҿы иаҳзеиҭалҳәоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара ҩажәа шықәса инарзынаҧшуа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иухьан. Иара зыуаҩратә ҟазшьақәа ҳаракыз, згәы цқьаз,зус ҭакҧхықәрала иазнеиуаз дреиуан.Валери Лагулаа игәалашәара иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи алыршахеит Аҟәа ақалақь ахадара абзоурала. Уи аҭыҧ аҿы лассы-лассы арыцҳарақәа ҟалон. Аҭыҧантәи ауааҧсыра ақалақь ахадара рышҟа изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьан. Иара убасгьы, асветофорқәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусурақәа цоит. Идрыцқьоит, илаҟәны иҟоу ацәаҳәақәа дырххоит. Иааизакны, ҳаҳҭнықалақь аҟны ҩажәи хҧа светофор шьақәыргылоуп. Урҭ русура шеиҿкаау атәы дазааҭгылоит Лаура Қаҧшьҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aмҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 13:43

Амшеикәшара 18.07.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи авторс дамоуп апоетесса Гәында Сақаниаҧҳа. Ашәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаҧысит. Диана Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт далгахьан. Деиҭагаҩын. Лзанааҭ ала Аҧсны аус луан.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Абызшәеи аҧсуареи реиқәырхареи рырҿиареи рыӡбара азҵаараз аилацәажәара мҩаҧысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны. Уи иалахәын аҵарауаа, абыргцәа, ауаажәларратә усуцәа. Ажәабжь иацылҵоит Адица Саҕариаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aмҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 13:20

Амшынтә реид

Аҧсны аҭагылаззашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зышәагаа маҷу аҕбақәа рзы аҳәынҭқарратә хылаҧшра аусзуцәа Аҟәа иахьаҵанакуа амшынаҿы ареид мҩаҧыргеит. Уи хықәкыс иаман, афлыкақәеи аҕба маҷқәеи рыҧшәмацәа аӡсара азин рызҭоу аршаҳаҭгақәа ргәаҭара, ртехникатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу аилкаара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31