Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ-Кавказынтә, Аҧсны иаҭааны иҟоуп ҧшьынҩажәи жәаа-ҩык аҿар. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз апроект «Ахьышьҭрахь» иабзоураны. Ари апроект аус ауеижьҭеи акыр ҵуеит. Ҩышықәса раахыс Иорданиеи Ливани рҟынтә аделегациақәа рхы аладырхәуеит, сынтәа иацлеит иара убас Ҟабардатәи ареспубликеи Ставрополи рҟынтәи аҿар. Ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа ирҧылоз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа. Шәахәаҧш анҵамҭа.
Акымкәа азакәан апроектқәа рыдыркылеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Аҧсны атәылауаҩратә азакәан апроект, ақалақьыргыларатәи аргыларатәи азакәан апроект амч аиуразы ақәҵара. Жәлар реизара апарламент актәи ааҧхьара адепутатцәа руалфахәы аҟынтәи шә-процентк иҟоу атәанчахәы роуларц азакәан ,иара убасгьы аҧгаҧсатә усхк аҿы азакәанҧҵаратә актқәа аиҭакрақәа ралагалара уҳәа иааизакны жәоху зҵаара ықәгылан аилатәараҿы. Шәахәаҧш анҵамҭа.