Сынтәа шәышықәса ҵуеит еицырдыруа аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы Марина Ешԥҳа диижьҭеи Уи аҳаҭыразы Аҧсны абанк амузеи аҟны имҩаҧысит лусумҭақәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа .
Иазгәаҭатәуп, сынтәа иҭало рхыҧхьаӡара ҵыҧх аасҭа ишеиҳау. Есышықәса еиҧш сынтәагьы, ауниверситет иҭало иалырхуа азанааҭқәа рыбжьара иҟоуп еиҳа аҧыжәара зырҭо, аха иҟоуп афакультетқәа арзаҳалқәа маҷны иахьаларҵаз.Ишҧамҩаҧысуеи аҧышәарақәа?Изеиҧшроузеи абитурентцәа ргәалаҟазаара?Алика Ҭраҧшьҧҳа ланҵамҭаҿы иаҳзеиҭалҳәоит.
Иара ҩажәа шықәса инарзынаҧшуа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иухьан. Иара зыуаҩратә ҟазшьақәа ҳаракыз, згәы цқьаз,зус ҭакҧхықәрала иазнеиуаз дреиуан.Валери Лагулаа игәалашәара иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Уи алыршахеит Аҟәа ақалақь ахадара абзоурала. Уи аҭыҧ аҿы лассы-лассы арыцҳарақәа ҟалон. Аҭыҧантәи ауааҧсыра ақалақь ахадара рышҟа изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьан. Иара убасгьы, асветофорқәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусурақәа цоит. Идрыцқьоит, илаҟәны иҟоу ацәаҳәақәа дырххоит. Иааизакны, ҳаҳҭнықалақь аҟны ҩажәи хҧа светофор шьақәыргылоуп. Урҭ русура шеиҿкаау атәы дазааҭгылоит Лаура Қаҧшьҧҳа.
Уи авторс дамоуп апоетесса Гәында Сақаниаҧҳа. Ашәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаҧысит. Диана Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт далгахьан. Деиҭагаҩын. Лзанааҭ ала Аҧсны аус луан.