Иара еиҿкаауижьҭеи аамҭа иалагӡаны атәылақәа жәпакы рҿы аҧсуаа рмилаҭтә ҟазара ӡырыргахьеит. Ансамбль аҭоурых Алик Ҭраҧшь -ҧҳа ланҵамҭаҿы.
Зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа 24 ҭаацәара иаарласны Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭан нхарҭала еиқәыршәахоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧнагеит Аҧсныргылара. Имҩаҧгаз аусурақәа рхаҭабзиара зеиҧшраз гәарҭеит Жәлар реизара адепутатацәа. Дара аргылаҩцәа рџьабаа ахә бзианы иршьеит.
Ахада убасгьы ицын аминистрцәа. Агыларақәа мҩаҧыргоит Урыстәыла Аҧсны иазыҟанаҵо альготтә кредит абзоурала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Тҟәарчал ақалақь ауааҧсыра гәахәарыла раамҭа ахьырхыргаша аҭыҧ аргылара иаҿуп, уи еиҿкаахоит апарк хадаҿы. Араҟа иҟалоит аӡыршәырҭа, атәарҭақәа, акаҳуажәырҭа. Аусурақәа хдыркәшараны иҟоуп ҳазҭо ашықәс нҵәаанӡа.