

Изаамҭанытәим Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз зҵаарак акәын-аинвестициатә усуразы Аҧсныи Урыстәылеи реиқәышаҳаҭра аратификациа азура. Аилатәара иалахәыз ҩажәи- хҩык адепутатцәа рахьтә ҩеижәа ҩык ари азакәан иаҿагылеит. Уи алагьы Аҧсныи Урыстәылеи рыбжьара аинвестициазы азакәан аратификациа азырмуӡеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аҧсны атуризм аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ҭеимураз Хышба хаҭала иҟаиҵаз ааҧхьарала, Урыстәыла имҩаҧнагоу арратә операциа ҷыда иалахәу аветеранцәа гәыҧ-ҩык ҧсшьара иааит Гаграҟа. Жәамш ирылагӡаны ргәабзиара еиҭашьақәдыргылоит аҳақьымцәа рхылаҧшрала. Ирзеиҿыркаауеит аныҟәарақәа. Ирҭаауеит аҭыҧ ҧшӡаррақәа. Ажәабжь иацылҵоит Сариа Кәарцхьиаҧҳа
«Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит. Аӡә дышәҩыкны дҳаҧхьаӡоит»,- абас ауп ишырзыҟоу ҳтәылаҿы қәҿиарала аус зуа «Спутник Аҧсны» аколлектив раҧхьаҩцәеи рзыӡырҩцәеи. Ҩ-бызшәак рыла аус зуа ҳколлегацәа рымш ныҳәа аҽны адныҳәаларақәа лыманы дырҭааит Наала Чхьынџьериаҧҳа. Шәахәаҧш анҵамҭа.