Аҭыҧантәи анапҟазацәа џьарак рҽеизыркит. Дара ашықәсҿыцазтәи рнапкымҭақәа аархәарц рылшон изҭахыз зегьы. Хәыҷы дуи ззыҧшу аныҳәа ҳамҭада узаҧылом. Угәы иақәшәаз аҳамҭа ааухәар ауан ахәаахәҭра-ааглырхатә палата имҩаҧнагаз ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьаҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспонентцәа.
Аҟәа ақалақь, Аҳабла ҿыц, Картозиа имҩаду аҿы инхо ауааҧсыра ҳредакциахь адырра ҟарҵеит хымш раахыс лашарада ишыҟоу азы. Ҳҭыхратә гәыҧ иҟоу аҭагылазаашьа аилкаразы ари аҭыҧ иаҭааит.
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҧсны аҵара аминистрра. Уажәы Аҟәа аус зуа абжьаратә школқәа рҭагылазаашьа зеиҧшро еилыркаауан ҳкорреспонднтцәа.
Урҭ аахәан аҭыҧантәи абиуџьет ахархәарала. Убасгьы Мархьаул ақыҭантәи аӡыхь иахагыло ахыб рыҧсахуеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспрндентцәа.
Иахьа Аҧсны Жәлар Реизара аилак аилатәара аан иҟалаз ахысра иахҟьаны адепутат Вахтанг Гәаланӡиа иҧсҭазаара далҵит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәрақәа иоуит.
Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара мҩаҧган Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уи далахәын Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡоу Бадра Гәынба. Агәырҕьаратә еилатәара иалагаанӡа атеатр афое аҿы имҩаҧысит Жәлар рышәҟәыҩҩы илитература- мемориалтә музеи еиҿнакааз ацәыргақәҵа. Анаҩс Идырбан Дырмит Гәлиа илирикатә поезиа иалху аспектакль «Иареи Лареи».