* Aмҽыша, 01 Ԥхынкәын 2024
Армида Ҧсҳәы лҭоурых иазку ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа лдокументалтә фильм ӡыргоуп
Армида Ҧсҳәы лҭоурых иазылкит ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа лдокументалтә фильм «Долгая дорога к земле предков», ҳәа хьӡыс измоу. Армида хәышықәса анылхыҵуаз, лҭаацәа Ҧсҳәы ааныжьны ицар акәхеит. Уи нахыс лара лыҧсадгьыл ахь дмаацызт. Сынтәа Армида Ҧсҳәы илхыҵит ханҩажәа шықәса. Убри инамаданы, ҳамҭак аҳасабала Екатерина Бебиа лыҧсадгьыл даҭаартә иҟалҵеит. Ари ахҭыс иахылҿиааз афильм уажә ааигәа иӡырган Ставраполи, Ҟарачы Черкесски.
Аҧсуа радио аусзуҩцәа акыр аамҭа иззыҧшыз ахҭыс
Иаарласны аефир ахь иҭыҵлоит иҿыцу, иҭбаау, ҳаамҭазтәи техникала еиқәыршәоу астудиа аҟынтәи. Аҧсуа радио абжьы иаҳа ицқьахоит, иҿацахоит. Азыӡырҩцәа ргу шьҭызхша ажәабжь ашықәс ҿыц аламҭалаз. Наала Чхынџьериаҧҳа раҧхьа уи астудиа зыблала избази, зҩызцәа ирыдызныҳәалази дреиуоуп.
Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит
Урыстәылантәи иҳауа афымцамч аху ахшәаареи, иара убас абиуџьеттә еиҿкаарақәа русзуҩцәа руалафахәы ианаамҭоу рызшәареи акыр иуадаҩхоит. Анкьа иазгәаҭаз аныхтәқәа зегьы аанкылахоит. Абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.