Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

* Aҩаша, 31 Ԥхынкәын 2024

Aҩаша, 31 Ԥхынкәын 2024 09:10

Аҧсныхабар апресс-конференциа

Аҧсны аполитикатә система аиҭакрақәа ралагалара иадгылоу акомпаниа шхацырку азы алаҳәара ҟарҵеит гәыҧ-ҩык ауаажәларратә усзуҩцәа «Аҧсныхабар» имҩаҧысыз апресс-конференциаҿы. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Агәыҳалалратә фонд «Барақьаҭ» ииасуа ашықәс иалагӡаны арыцҳара иақәшәаз аҭаацәарақәа имаҷымкәа ацхыраара рынаҭеит. Ҳҭыхратә гәыҧ урҭ аҭаацәарақәа ирҭааит. Агәызианра иазкуп Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҳәынҭқарра иааиуа ашықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит, Аҧсны Аконституциа аҧсахрақәа ралагалара алыршо аусутә гәыҧ аҧҵаразы ақәҵара рыдыркылеит, адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит ауаҩшьра ҟазҵаз адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҩнқәа рҿы аҧшаарақәа рымҩаҧгаразы. Инеизакны 23 зҵаара ирыхәаҧшын жәлар реизара адепутатцәа ари ашықәсазтәи аҵыхәтәантәи реилатәараҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК