

Арҭ амшқәа рзы ҳтәылаҿы ача ахә шьҭыҵит. Аха, азин ыҟазма? Адәқьанқәа рыҟны чахык ҩажәи жәохә мааҭ иркуазҭгьы, хә-мааҭк ацлеит. Ҳәарада, ауааҧсыра уи агәынамӡара рызцәырнагоит. Ҳҭыхратә гәыҧ аҳҭнықалақь аҿы ачаӡырҭақәа ирҭааит.
Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы ииубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧган Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз, ҳаҭыр ду зқәыз ҳџьынџьуаҩ, Кавказ Аҭрышба аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит. Иара аус иуан Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак иабжьгаҩ хадас. Кавказ Аҭрышба Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Иара иҭоурых анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа ГЕС аҧшәмацәа. Хәыда- ҧсада ахцыраара арҭоит зҭагылазаашьа уашәшәырахаз Аҧсны Амшынеиқәафымцамч.
Аишьцәа Аграа Мураҭи Мельиҳи Инегьиоль ақалақь аҿы аҩнымаҭәа ахьырҭиуа рхатәы фирма рымоуп уи "ABZ сандалие " ахьӡуп . Уаҟа хаҭабзиарала иҳараку аҩнымаҭәа рҭиуеит . Иара убас Инегьиоль ақалақь аҟны амаҭәа ахьырҭиуа абутик лымоуп Самааԥҳа Гьҩлаи . Ҵабалаа рқыҭа Қаҩаарқыҭаҿы " Sato - 79 " ахьӡуп аишьцәа Абыгбақәа рыкрыфарҭа .