Аҟәатәи абаҳчатә ақыҭанхамҩатә станциа 130 ш. ахыҵреи Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аинститут аҧҵоижьҭеи 30ш.аҵреи инарҭбааны иазгәаҭан. Имҩаҧган жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи аҟны ақыҭанхамҩа ахырхарҭала еиуеиҧшым ажәахәқәа ҟаҵан. Аконференциа рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, иара убас Урыстәылатәи аҵарауаа.
Бедиа ақыҭаҿы, ҩ-гектарк адгьыл ҵакыра иахьаҵанакуа, аҳәынҭқарра ацхыраарала аусдкылаҩцәа амандарина ааӡарҭа еиҿыркааит. Абар ҩышықәсоуп араҟа 1900 шьаҭа заа иҟало аманадарина аизҳара иаҿуижьҭеи. Иҟоуп раҧхьатәи аҽаҩра ахьаанашьҭхьогьы. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи, урҭ рахьтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәеи ирызкыз ацәыргақәҵа мҩаҧысит. Иара еиҿкаан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.