АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 23 Ԥхынгәы 2025

Аҧсуа бызшәа аҿиара азҵаара, ахәыҷбаҳчақәа рҿы уи ахархәара , еиуеиҧшым аилатәарақәа рҿы аҧсуа бызшәала иахьынӡацәажәо,уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан ауаажәларратә палатаҿы иаҧҵоу ,аҳәыҭқарратә бызшәеи аҵарадырреи , аҭҵаарадырреи , акультуреи адоуҳатә ҭынха ахьчареи рыҿиареи акомиссиа имҩаҧнагаз аиалатәараҿы.Уи иалахәын Аҧсны аҵарадырра аминистр Хана Гәынҧҳаи, жәлар реизара адепутат Инар Саӡбеи.Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Амилаҭә сахьаҭыхратә галереиа иҿыцу ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа рышьҭахь аҭааҩцәа аднакылеит. Иаартуп раҧхьатәи аамҭалатәи ацәыргақәҵа «Агалереиа аиҭаира», иара еиднакылоит 2024 шықәсазы амцамашәыр иацәынхаз аҭыхымҭақәа зеижә, иара убас Урыстәыла еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа. Ацәыргақәҵа аартра амш азы ихацракын акциа «Ҭыхамҭак-ҭоурыхк», уи инақәыршәаны, асахьаҭыхҩцәа дара русумҭак, мамзаргьы реизга иалоу ҭыхымҭак, аусумҭа иадҳәалоу ҭоурых маҷк нацҵаны, сахьаҭыхратә галереиа ҳамҭас иарҭоит. Ацәыргақәҵатә хыбра ҿыц аартра алыршахеит Урыстәыла афедерациа иҟанаҵаз афинанстә цхыраара ала. Ацәыргақәҵа мҩаҧысуеит ҧхынгәымза анҵәамҭаӡа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩы, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диижьҭеи ҧшьынҩажәи жәаба шықәса аҵра инамаданы агәаларшәаратә хәылҧазы мҩаҧысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Уи акультура аминистрреи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи еиҿыркааит. Аусмҩаҧгатә иаҭааит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба, Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла анапхгара , апоет иҭынхацәа, ауаажәларра.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны амилаҭтә символика автор Валери Гамгьиа анышә дахьамадоу Кәтол ақыҭан ашәҭқәа шьҭараҵеит атәыла ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа,араионанапхгара ауаажәларра ашколхәыҷқәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса, ҧхынгәымза ҩажәи хҧа рзы ҳтәылаҟаны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩызгьы Владислав Арӡынба хантәаҩра ззиуаз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟи,агерби.Милаҭк аҳасабала ҳшьақәзырҕәҕәо ҳбираҟ- аҭоурых ду амоуп.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31