АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 23 Ԥхынгәы 2025 22:00

Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аҿы ицәырган абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа

Амилаҭә сахьаҭыхратә галереиа иҿыцу ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа рышьҭахь аҭааҩцәа аднакылеит. Иаартуп раҧхьатәи аамҭалатәи ацәыргақәҵа «Агалереиа аиҭаира», иара еиднакылоит 2024 шықәсазы амцамашәыр иацәынхаз аҭыхымҭақәа зеижә, иара убас Урыстәыла еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа. Ацәыргақәҵа аартра амш азы ихацракын акциа «Ҭыхамҭак-ҭоурыхк», уи инақәыршәаны, асахьаҭыхҩцәа дара русумҭак, мамзаргьы реизга иалоу ҭыхымҭак, аусумҭа иадҳәалоу ҭоурых маҷк нацҵаны, сахьаҭыхратә галереиа ҳамҭас иарҭоит. Ацәыргақәҵатә хыбра ҿыц аартра алыршахеит Урыстәыла афедерациа иҟанаҵаз афинанстә цхыраара ала. Ацәыргақәҵа мҩаҧысуеит ҧхынгәымза анҵәамҭаӡа.
 

Media

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31