

Апроект «Ашколтә лабораториақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҿыцу аҵаратә процесс маҭәахәқәа рзаахәан Аҧснытәи ашколқәа. Аҵара аминистр Хана Гәынба даҭааит Аҟәатәи алицеи-интернат. Лара блала илбеит хаҭала ирзаахәаз акомпиутери алабораторитатәи маругақәеи Уи алыршахеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны.
Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәи фба зҵаара. Актәи аҧхьарала ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә баџь азы азакуан апроект. Уаҟа иазгәаҭоуп, абаџь ашәаразы аҧҟарақәеи аҿҳәарақәеи, иара убасгьы хаз игоу акатегориақәа рзы альготақәа. Егьырҭ изхәаҧшыз азҵаарақәа дырзааҭгылоит Амра Зарандиаҧҳа.
Аҟәа ақалақь афымцаеихшарҭа аусбарҭа аусзуҩцәа планла ирзарбоу ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара азы аусмҩаҧгатәқәа ирыцырҵоит. Рус нарыгӡонаҵы, ҩ-сааҭк рҿынӡа, ақалақь ахәҭақәак лашарада иаанхоит.
Ҳтәылаҿы 2018 шықәса раахыс ари аныҳәа Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы иазгәарҭоит. Сынтәа иаалкаан ф-ҭаацәарак. Дара рнапаҿы ирыҭан амедалқәа.