Ҩажәи жәаф шықәса раҧхьа ииуль жәохә ауха аидыслара ҕәҕәақәа ҟалеит АҞәа. Уи иахҟьаны аҧсҭбарақәа ҟалеит аҧсуаа рганахь ала. Аҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы ақырҭуа национал-шовинистцәа иаартны ирҳәо иалагеит Аҧсны аҧсуаа ишәыдгьылӡам, ҳара иаҳтәуп ҳәа. Дара лассы-лассы Аҟәеи ареспублика егьырҭ араионқәеи рҟны ауаарацәа злахәыз амитингқәа мҩаҧыргон. Ишәыдаагалоит архив аҟынтәи арҭ ахҭысқәа ирызку анҵамҭа.