Ибиуџьеттәым афондқәа рзы еицырзеиҧшу асоциалтә шәахтәқәа ралагалара азҵаара иалацәажәеит жәлар реизара атәыла ахьчареи ашәарҭадареи реилак аилатәараҿы. Уахь ааҧхьара рыман Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧсны аҧыза аминистр Владимир Делба.